Акциа алахәылацәа Русҭавели имҩаду аҟынтә Афырхацәа рышҭашҟа идәықәлеит
Акциа алахәылацәа Русҭавели имҩаду аҟынтә Афырхацәа рышҭашҟа идәықәлеит. Акциа алахәылацәа руаӡәы, Леван Цуцқириӡе ишааицҳаз ала, Афырхацәа рышҭашҟа аҭынч ныҟәара мҩаԥыргоит.
“Афырхацәа рышҭаҿ агаз рышьҭит, ҳадгылаҩцәа ааныркылоит. Аҭынч аконституциатә ныҟәарала Афырхацәа рышҭашҟа ҳдәықәлоит”, – иҳәеит Леван Цуцқириӡе.
Афырхацәа рышҭашҟа ииасуа адемонстрантцәа раԥхьа ицоит “Астратегиа Аӷмашенебели” алидер Гьаргь Вашаӡеи Соԥо Џьаԥариӡеи.