Акциа алахәылацәа Аиҳабыра радминистрациа ахь ииасит
Акциа алахәылацәа Аиҳабыра радминистрациа ахь ииасит

Акциа алахәылацәа апарламент аҟынтә Аиҳабыра радминистрациа ахь ииасит, зегь раԥхьа ицоит Рати Амаӷлобелии Гьаргь Қадагиӡе.

Азакәанхьчаҩцәа акциа алахәылацәа администрациа ахь аиасра алшара рырҭом.

Апарламент аԥхьа имҩаԥысуаз акциаҿ азакәанхьчаҩцәеи акциа алахәылацәеи еиҿагылеит.

Азакәанхьчаҩцәа апарламент ахыбра ашҟа аҩналара зҭахыз апартиа “Ахали” (“Аҿыц”) алидерцәа Ника Гварамиеи, Гика Мелиеи, Бачо Долиӡеи атерриториа аҟынтә ралгара ианақәырк, аиҿагылара ҟалеит. Русҭавели имҩаду аҿы имҩаԥысуа аҿагыларатә акциа алахәылацәа ишырҳәаз ала, апарламент ахыбра иакәыршаны, адепутатцәа адәылҵҵра алшара рырҭом.

Апарламент апленартә аилатәараҿ „Атәым анырра аартызаара иазку“ азакәанпроект аҩбатәи аԥхьара мҩаԥысуеит. Апарламент ахыбра ааигәараза азакәанхьчаҩцәа амобилизациа рзууп.