Акоронавирус азы атест ззыҟаҵатәыда?
Акоронавирус азы атест ззыҟаҵатәыда?

«Атестирра иахысроуп атаксиқәа рырныҟәцаҩцәеи, арелигиатә конфессиақәа рхаҭарнакцәеи, аколнхратә џьармыкьақәа русзуҩцәеи», — иҳәеит Ачымазарақәа рхылаҧшра амилаҭтә центр анапхгаҩы Амиран Гамҟрелиӡе Аусбарҭабжьаратә координациатә хеилак аилатәара ашьҭахь.

«Иахьатәи аилатәараҿы атестирра апроцесс арҭбаара ҳалацәажәеит. Атестирра иахысроуп атаксиқәа рырныҟәцаҩцәеи, арелигиатә конфессиақәа рхаҭарнакцәеи, аколнхратә џьармыкьақәа русзуҩцәеи.  Убри абзоурала,  етапла аекономика аартра ҳалшоит», — иҳәеит Амиран Гамҟрелиӡе.