Акоронавирус афакт ҿыцқәа рҟынтә 669 Қарҭ иаарҧшын, 184 – Имереҭи, 129 - Гыртәыла-Аҩадатәи Шәантәыла
Акоронавирус афакт ҿыцқәа рҟынтә 669 Қарҭ иаарҧшын, 184 – Имереҭи, 129 - Гыртәыла-Аҩадатәи Шәантәыла

Акоронавирус афакт ҿыцқәа рҟынтә 669 Қарҭ иаарҧшын, 184 – Имереҭи, 129 – Гыртәыла-Аҩадатәи Шәантәыла. Ари атәы аарыцҳаит Аиҳабыра радминистрациа аҟнытә.

Иҳаҩсыз уахи-ҽни рылa атәылаҿы иҟаҵоуп  30 456 атестқәа: 21 054 – антиген азы,  PCR –  9 404.

Аҵоура арбага: мышктәи –  4,45%, иҳаҩсыз 14 мштәи – 3,86%, иҳаҩсыз 7 мштәи – 4,05%.

Аепидемиa иaнaлaгa инaркны иaхьaнӡa, aтәылaҿы aкоронaвирус aдиaгноз рзышьaқәырҕәҕәоуп 339 315 –ҩык, урҭ рҟынтә 320 777-ҩык aчымaзaрa иaлҵит,  4 654-ҩык иҧсит.

Атәылаҿ алаҵақәа рзыҟаҵоуп 117 354-ҩык, мышкала – 4 354-ҩык.

Акaрaнтинтә қәыҧшылaрaқәa рҿы иҟоуп 91-ҩык, 673-ҩык aклиникатә сaсaaирҭaқәa рҿы иҟоуп,  4 094 -ҩык aхәышәтәырҭaқәa ирҭоуп.

Иахьа атәылаҿы иаарҧшыз  1 354 акоронавирус афакт ҿыцқәа рҟынтә:  66 Қарҭ аарҧшуп, Аҷара — 114, Имереҭи —  184, Қвемо Қарҭли  —  78,  Шида Қарҭли  —  43, Гуриа  — 15, Гыртәыла-Аҩадатәи Шәантәыла  — 129,  Кахеҭи  —  56,  Мцхеҭа – Мҭианеҭи  —  50,  Самцхе-Џьавахеҭи  — 11, Раҷа – Лечхумии Аладатәи Шәантәылеи  — 5.