Акоронавирус афакт ҿыцқәа рҟынтә 213 – Қарҭ иаарҧшуп, 61 – Имереҭи, 39 - Гыртәыла-Аҩадатәи Шәантәыла
Акоронавирус афакт ҿыцқәа рҟынтә 213 – Қарҭ иаарҧшуп, 61 – Имереҭи, 39 – Гыртәыла-Аҩадатәи Шәантәыла. Ари атәы аарыцҳаит Аиҳабыра радминистрациа аҟнытә.
Иҳаҩсыз уахи-ҽни рылa атәылаҿы иҟаҵоуп 19 051 атестқәа: 11 825 – антиген азы, PCR – 7 226.
Аҵоура арбага: мышктәи – 2,33%, иҳаҩсыз 14 мштәи – 2.36%, иҳаҩсыз 7 мштәи –2.36%.
Иахьа атәылаҿы иаарҧшыз 493 акоронавирус афакт ҿыцқәа рҟынтә: 213 Қарҭ аарҧшуп, Аҷара — 15, Имереҭи — 61, Қвемо Қарҭли — 12, Шида Қарҭли — 37, Гуриа — 26, Гыртәыла-Аҩадатәи Шәантәыла — 39, Кахеҭи — 24, Мцхеҭа – Мҭианеҭи — 9, Самцхе-Џьавахеҭи — 1, Раҷа – Лечхумии Аладатәи Шәантәылеи — 6.