Аконституциатә аӡбарҭа, аӡбарҭа аҵыхәтәантәи ақәҵара аднакылаанӡа «Атәым анырра аартызаара иазку» азакәан аанкылара иазку арзаҳал мап ацәнакит
Аконституциатә аӡбарҭа «Атәым анырра аартызаара иазку» азакәан иадҳәаланы азыӡба цәырнагеит.
Азыӡба инақәыршәаны, Аконституциатә аӡбарҭа, аӡбарҭа аҵыхәтәантәи ақәҵара аднакылаанӡа «Атәым анырра аартызаара иазку» азакәан аанкылара иазку арзаҳал мап ацәнакит.
Иара убас, Аконституциатә аӡбарҭа ақәҵара аднакылеит ашшыҧхьыӡқәа хәҭала рыдкыларазы.
Ақәҵара рнапы аҵарҩит Қырҭтәыла Аконституциатә аӡбарҭа Апленум алахәылацәа: Мераб Турава; Ева Гоцириӡе; Гьаргь Ҭевдорашвили; Гьаргь Кверенчхилаӡе; Хвича Кикилашвили; Манана Кобахиӡе; Уасил Роинишвили; Ҭеимураз Тугуши.