Аконкуренциазы агентра – Лари акурс иҭышәынтәалар, анефҭ ахә имԥсахыр, Қырҭтәыла абылтәы ахә лаҵарамзы маҷхароуп
Аконкуренциазы агентра – Лари акурс иҭышәынтәалар, анефҭ ахә имԥсахыр, Қырҭтәыла абылтәы ахә лаҵарамзы маҷхароуп

Қырҭтәыла аконкуренциеи ахархәаҩцәа рыхьчареи рзы Агентра 2025 шықәса аԥшьбатәи аквартал азы абылтәы аџьармыкьа амониторинг алҵшәақәа цәыррнагеит.

Аҳасабырба инақәыршәаны, 2025 шықәса ажьырныҳәазы абылтәи адизели рыхәԥса иазҳаит, жәабрани-хәажәкыреи рзы маҷхеит. 

Аагентра  аинформациа ала, 2025 шықәса мшаԥы азы анефт ахә 8-10% рыла илаҟәит. 

“Лари акурс иҭышәынтәалар, анефҭ ахә имԥсахыр, Қырҭтәыла абылтәы ахә лаҵарамзы маҷхароуп”, – иануп Қырҭтәыла аконкуренциеи ахархәаҩцәа рыхьчареи рзы Агентра 2025 шықәса аԥшьбатәи аквартал азы абылтәы аџьармыкьа амониторинг иазку аҳасабырбаҿы.