Аконгрессмен Џьо Уилсон - "Аиҩызаратә акт" Қырҭтәыла амилаҭ адгылароуп, уи ала атәыла асуверенитет иаԥырхаго, Қырҭтәыла атрансатлантикатә мҩа аԥсахра зҭаху рганахьала асанкциақәа иазыԥҳьагәаҭоуп
“Аиҩызаратә акт” (MEGOBARI Act ) Қырҭтәыла амилаҭ адгылароуп, ақырҭуаа зхы иақәиҭу адемократиатә Қырҭтәыла анхара шырҭаху изныкымку аадырԥшит”, – иҳәеит Ареспубликатә партиа аҟынтә аконгрессмен Џьо Уилсон адәныҟатәи еизыҟазаашьақәа ркомитет еилатәараҿ.
Аконгрессмен иажәақәа рыла, ақырҭуа жәлар адемократиа ахьчара аус аҿы афырхаҵара аадырԥшит.
„Ҩпартиатә “Аиҩызаратә акт” Қырҭтәыла амилаҭ адгылароуп, ақырҭуаа зхы иақәиҭу адемократиатә Қырҭтәыла анхара шырҭаху изныкымку аадырԥшит. Аибашьра ацәгьоурақәа ҟазҵаз Путин 2008 шықәсазы закәандарала Қырҭтәыла исуверену аҵакырадгьылқәа рымпыҵахалара мҩаԥигеит. Арҭ аҵакырадгьылқәа – Аԥсни Аахыҵ Уаԥыстәылеи роуп. АРи Путин иоуп иҟазҵаз. Сара Қырҭтәыла, Гори ақалақь аҿы́ сыҟан. Путин закәандаралатәи имчқәа ахьгылоу схала избеит. Ақырҭуаа иџьшьатәу уаауп. Ԥшьҩык сԥацәа аҳәаанырцә арратә миссиаҿ ианыҟаз, уа ақырҭуа аруаагьы арратә маҵзураҿы иҟан, урҭ ауаа гәымшәақәа, афырхацәа роуп”, – иҳәеит Уилсон.
Ареспубликатә партиа аҟынтә аконгрессмен Џьо Уилсон ишазгәеиҭаз ала, “Аиҩызаратә акт” Қырҭтәыла амилаҭ адгылароуп, уи ала атәыла асуверенитет иаԥырхаго, Қырҭтәыла атрансатлантикатә мҩа аԥсахра зҭаху рганахьала асанкциақәа иазыԥҳьагәаҭоуп.