Акоманда-аштабтә азыҟаҵарақәа «Басиани 2023» аҳәаақәа ирҭагӡаны адәахьытә азыҟаҵарақәа мҩаҧган
Акоманда-аштабтә азыҟаҵарақәа «Басиани 2023» аҳәаақәа ирҭагӡаны адәахьытә азыҟаҵарақәа мҩаҧган

Акоманда-аштабтә азыҟаҵарақәа «Басиани 2023» хыркәшоуп.  Атәылахьчара аминистрра адыррала, мчыбжьык инагӡоз азыҟаҵарақәа еиҿкаан Қырҭтәыла Атәылахьчаратә мчқәа мрагыларатә арратә напхгара рыла.

«Акоманда-аштабтә азыҟаҵарақәа хықәкыс ирымоуп Қырҭтәыла Атәылахьчаратә мчқәеи Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрреи ахәҭақәа рыбжьара аусеицура аиҕьтәреи,  аоперациақәа рпланшьҭыхраан аусеицура арҭбаареи,  ахыхьчаратә операциақәа раан акоординациа аиҕьтәреи», — иануп Атәылахьчара аминситрра аинформациаҿы.