Акоалициа "Иӷәӷәоу Қырҭтәылазы" алхратә штаб Давид Гамҟрелиӡе дахагылоит
Акоалициа “Иӷәӷәоу Қырҭтәылазы” алхратә штаб Давид Гамҟрелиӡе дахагылоит.
Ари атәы аштаб аартратә уснагӡатә аҿы ааицҳаит “Иӷәӷәоу Қырҭтәылазы” алахәыла Мамука Хазараӡе.
“Аплатформа “Иӷәӷәоу Қырҭтәылазы” есымша ахьызҳауа даараӡа сеигәырӷьоит. Иахьа жәабжь ҿыцк шәасҳәар сҭахуп, ақәыԥшылара ҿыц, аҵакырадгьыл ҿыц ахь ҳаиасит – ари ҳаштабуп. Кыршықәсатәи сҩыза, атәыла анаҭахыз еснагь адгылара ааирԥшуаз ауаҩы шәыдасгаларц сҭхуп. Ари ақәԥараҿ ҳган ахьалихыз иҭабуп ҳәа иасҳәар сҭахуп. Ҳаштаб анапхгаҩыс Давид Гамҟрелиӡе дҟалоит”, – иҳәеит Мамука Хазараӡе.