Аҟазаратә усхкы ахаҭарнакцәа Қырҭтәыла Актәи аканал аҧхьа акциа мҩаҧыргоит
Аҟазаратә усхкы ахаҭарнакцәа Қырҭтәыла Актәи аканал аҧхьа акциа мҩаҧыргоит

Аҟазаратә усхкы ахаҭарнакцәа Қырҭтәыла Актәи аканал аҧхьа акциа мҩаҧыргоит.

Актиор Каха Кинҵурашвили ишиҳәаз ала, арҭ амшқәа рзы ауаа Ауаажәларратә дырраҭара ишиашо аефираҿ ианцәажәоз бзиан, ари афармат нагӡахароуп.

«Ирыҧҟаз ауаа ргәаанагара сара сзы аҵакы ду амоуп. Шәефираҿ арҭ ауаа рыбжьы саҳар сҭахуп.  Ауаажәлар уи раҳар сҭахуп, избанзар, ҳара, – Ауаажәларратә телехәаҧшреи ауаажәларреи ҳаӡәуп.  Абри зегьы ауаа ирбар ҳҭахуп. Аинтернет-АИХқәа аус руеит, шәара ишәеиҧшымкәа ареалтә фактқәа  зныҧшуа акадрқәа рымоуп, шәара ишәзымҧшаазар дара ирыҧшааит, аха, шәаргьы арҭ акадрқәа ауаа идшәырба. Абри ауп шәара шәахь аҳәарас исымоу. Иҟашәҵо азыҳәан ҭабуп ҳәа шәасҳәоит», — иҳәеит  Каха Кинҵурашвили.