Акаолициа  «Қырҭтәыла ҕәҕәа» алидерцәа аконгрессмен Џьо Уилсон иҧылеит 
Акаолициа  «Қырҭтәыла ҕәҕәа» алидерцәа аконгрессмен Џьо Уилсон иҧылеит 

Аофициалтә визитла Америка иҟоу акаолициа  «Қырҭтәыла ҕәҕәа» алидерцәа Мамука Хазараӡеи, Бадри Џьаҧариӡеи,  Григол Гегелиеи   Ҳельсинктәи акомиссиа ахантәаҩы, аконгрессмен Џьо Уилсон иҧылеит.

Ари аинформациа аланарҵәеит акаолициа  «Қырҭтәыла ҕәҕәа» апресс-маҵзура.

Мамука Хазараӡе Џьо Уилсон ииҭеит аоппозициатә 4 партиак еиқәдыршәаз адокумент, уи аҿы ақырҭуа жәлар рыҳәарақәа зегьы иарбоуп.

«Ҳара иакымкәа аиҧыларақәа мҩаҧаагеит. Ажьырныҳәа  20 ашьҭахь Трамп изакәызаалак ак ала  «Ақырҭуа гәахәтәы» рырқьиара далагоушәа ирҳәо зегьы мцуп!  Араҟа иҳаҳаз акоуп  —  ақырҭуа жәлар ҕәҕәала рыдгылара. Акризис алҵразы, раҧхьа иргыланы, зхы иақәиҭу алхрақәа мҩаҧгатәуп, насгьы, зегьы реиҳа ихадоу, аполитбаандаҩцәа зегьы рхы иақәиҭзароуп. Ари аганахьала Америка аҟынтә адгылара ҕәҕәа ҳамоуп. Трамп иадминистрациа ақырҭуа жәлар рыҳәарақәа ирыдгылоит, хара имгакәа уи лабҿаба иаабоит», — иҳәеит  Мамука Хазараӡе.