Академик Ҭамаз Гамҟрелиӡе иҧсҭазаара далҵит
Академик Ҭамаз Гамҟрелиӡе иҧсҭазаара далҵит

 

91 шықәса шихыҵуаз иҧсҭазаара далҵит академик Ҭамаз Гамҟрелиӡе.

Ари аинформациа аланарҵәеит Кавказ аҭҵааратә институт.

«Асоветтә аамҭа инаркны, Ҭамаз Гамҟрелиӡе  аҳәаанырцә еицырдыруаз, зегьы реиҳа ҳаҭыр зқәырҵоз ақырҭуа аҵарауаҩын.

Ҭамаз Гамҟрелиӡе есанагь атәылауаҩратә позициа иман, аполиткиатә ҧсҭазаара далахәын. Иара даӡәымкәа ақырҭуа аҵарауаа иааӡахьан, дырҵаҩы бзиан, дколлега ссирын.

Ақырҭуа аҵарадырреи, инеизакны Қырҭтәылеи ацәыӡ ду роуит», — иануп Кавказ аҭҵааратә институт аҳәамҭаҿы.