АИХқәа рхаҭарнакцәа Қарҭ, Ареспублика ашҭаҿ амитинг мҩаҧыргоит
АИХқәа рхаҭарнакцәа Қарҭ, Ареспублика ашҭаҿ амитинг мҩаҧыргоит

Еиуеиҧшым АИХқәа рхаҭарнакцәа Қарҭ, Ареспублика ашҭаҿ амитинг мҩаҧыргоит. Дара АИХқәа рхаҭарнакцәа рганахьала амчылареи рықәлареи иаҿагыланы апротест ҟарҵоит. Ареспублика ашҭаҿ еизаз ауаа амчылара афактқәа зегьы иаамҭаны реилыргара иаҳәоит.

Амитинг алахәылацәа адемонстрациақәа раан аахақәа зауз ажурналистцәа рпатретқәа ркуп.

Иацы, зыхьӡқәа еилкаам, асабрадақәа зҿаз ауаа амитинг аҿы аус зуаз ателеканал  «ТВ Пирвели»  аҭыхратә гәыҧ ирықәлеит.

Аусеилыргара ҷыдақәа рзы амаҵзура ари афакт азы аусеилыргара иалагеит.