Гори, аполициа ахыбра аҧхьа, еиуеиҧшым АИХқәа рхаҭарнакцәа акциа мҩаҧыргеит.
Амитинг алахәылацәа АИХқәа рхаҭарнакцәа рықәлара афактқәа ирыдҳәаланы апротест ҟарҵеит. Арегионаҿ аус зуа ажурналистцәеи аҭыхыҩцәеи зегьы, асимволтә ҵакы аҵаҵаны, аполициа ахыбра аҧхьа акамерақәеи, амикрофонқәеи, аҭелқәеи шьҭарҵан, амчылара афактқәа зегьы иаамҭаны реилыргара иаҳәеит.