АИХқәа рдыррақәа рыла, израильтәи ажәылара амшала ирантәи аҳәынҭқарратә телееилахәыра хҩык аусуҩцәа ҭахеит
АИХқәа рдыррақәа рыла, израильтәи ажәылара амшала ирантәи аҳәынҭқарратә телееилахәыра хҩык аусуҩцәа ҭахеит

Израильтәи ажәылара амшала ирантәи аҳәынҭқарратә телееилахәыра хҩык аусуҩцәа ҭахеит.

ВВС адыррақәа рыла, израильтәи ажәылараан иҭахеит ажәабжь ҿыцқәа рредактор  Нима Раџьабпури даҽа усуҩк  Масуме Азими. Иҭахаз ахҧатәи ауаҩы макьана ихьӡ еилкаам.

Иацы Израиль, Иран аҳәынҭқарратә дырраҭара ахыбра еихсит. Уаанӡа, Израиль Ахыхьчаратә ар ахаҭарнакцәа  Иран аҳәынҭқарратә дырраҭара ахыбра иазааигәаны инхо  ауааҧсыра ари араион иалҵырц ирыбжьаргеит.