АИХ-қәа ишаарыцҳаз, Урыстәыла амчқәа ақалақь Часив иар абомбақәа ақәрыжьит
АИХ-қәа ишаарыцҳаз, Урыстәыла амчқәа ақалақь Часив иар абомбақәа ақәрыжьит

Аихқәа ишаарыцҳаз, урыстәылатәи мчқәа ақалақь Часив яр абомбақәа ақәрыжьит. Аӡәы дҭахеит, ҩыџьа ахәрақәа роуит. Ари аинформациа алаирҵәеит Донецктәи аобласт арратә администрациа анапхгаҩы Павел Кириленко.

Кириленко идыррақәа рыла, ампыҵахалаҩцәа ақалақь анхарҭа раион аицтҟьаратә ареактивтә системақәа рҟынтә еихсит. Аԥхасҭа роуит аҩнеихагыладуқәа жәба. Ауааԥсыра афымцалашареи агази рымам.

Иҳаҩсыз уахи-ҽни рыла абомбақәа рыларыжьуан Сумтәи аобласт, ампыҵахалаҩцәа рхы иадырхәит град асистемақәа.