АИХ – Ирантәи ажәылараан абаллистикатә ракета Израиль иҟоу анхарҭатә корпус иақәҳаит, ҧшьҩык ҭахеит
Ирантәи ажәылараан абаллистикатә ракета Израиль иҟоу анхарҭатә корпус иақәҳаит, ҧшьҩык ҭахеит, 120ҩык иреиҳаны ахәрақәа роуит. Аҭыҧантәи АИХқәа рдыррақәа рыла, аракетақәа руакы аихагыла рацәа змоу анхарҭатә корпус иақәшәеит. Аҭахази ахәрақәа хаузи рыгәҭа ахәыҷқәа рацәоуп. 20ҩык раҟара хабарда иӡит ҳәа иҧхьаӡоуп. Уажәы аҭыҧаҿы аиқәырхаратә операциа мҩаҧысуеит.
Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыҩныҵҟала ирантәи ажәылара амшала Израиль ааҩык ҭахеит, 200ҩык иреиҳаны ахәрақәа роуит.