Қырҭтәыла апарламент ахыбра аҧхьа АИХ ахаҭарнакцәа еизеит.
Дара, ҧхынгәы 5 рзы иҟалаз ахҭысқәа ирыдҳәаланы апарламент аҿы иззыӡырҩуа аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр азҵаарақәа ирҭарц азыҳәан, апарламент ахыбра иҩналар рҭахуп.
Иахьа апарламент аҿы Вахтанг Гомелаури изыӡырҩуеит. Адепутатцәа аминистр иҧхьеит ҧхынгәы 5-8 рзы иҟалаз ахҭысқәа ирыдҳәаланы.
Апарламент акәша-мыкәша азинхьчаҩцәа игылоуп.
Иахьа шьыжьымҭан апарламент аҳәамҭа аланарҵәеит ашәарҭадаратә ҭагылазаашьақәа рырҕәҕәара иазкны.
Аҳәамҭа инақәыршәаны, апарламент ахыбрашҟа АИХ ахаҭарнакцәа нарышьҭуеит абжьааҧнытә режим ала, анашьҭыгақәа рыла, заанаҵы иззеиқәшаҳаҭхаз аҭыхратә гәыҧқәа рхыҧхьаӡара инақәыршәаны.