АИХ адыррақәа рыла, зхы иақәитәу украинатәи ақалақь Лиман амассатә нышәынҭрақәа аарҧшуп
АИХ адыррақәа рыла, зхы иақәитәу украинатәи ақалақь Лиман амассатә нышәынҭрақәа аарҧшуп

Зхы иақәитәу украинатәи ақалақь Лиман анышәынҭраҿы ахәыҷқәа рыҧсыбаҩқәагьы аарҧшауп. Ари атәы аанацҳаит  «Би-би-си» аурыс маҵзура.

Украина амилаҭтә полициа адыррала, Лиман амассатә нышәынҭра шыҟаз атәы еилыркааит аҭыҧантәи ауааҧсыра рҟынтәи.

Амилаҭтә полициа аинформациа инақәыршәаны, ажра иаҿуп 2 ҭыҧк рҿы  —  руакы аҿы анышә иамадоуп   200ҩык раҟара атәылауаҩратә хаҿқәа, ахәыҷқәагьы нрылаҵаны. Егьи аҭыҧ  —  украинатәи аруаа рыешьаратә нышәынҭроуп.

Украинатәи арбџьармчқәа Лиман ахы иақәиҭыртәит цәыббра анҵәамҭазы.