Аиустициа иреиҳаӡоу ахеилакахь атәыла ахада иқәлыргыло алахәыла иалхразы аконкурс рылаҳәоуп
Аиустициа иреиҳаӡоу ахеилакахь атәыла ахада иқәлыргыло алахәыла иалхразы аконкурс рылаҳәоуп

Аиустициа иреиҳаӡоу ахеилакахь атәыла ахада иқәлыргыло алахәыла иалхразы аконкурс рылаҳәоуп. Атәыла ахада Аиустициа иреиҳаӡоу ахеилак алахәыла иалхразы ихьыҧшым акомиссиа еиҿылкааит. Ари аинформациа аланарҵәеит Қырҭтәыла ахада ладминистрациа.

Администрациа адыррала,  Қырҭтәыла Аиустициа  иреиҳаӡоу ахеилакахь Қырҭтәыла ахада иқәлыргылаз алахәыла изинмчы аҿҳәара нҵәоит   2024 шықәса ҧхынгәы 22 рзы.

Администрациа аидыррала:

Аиустициа иреиҳаӡоу ахеилак алахәызаара иазку алхратә конкурс зхы алазырхәыр зҭаху ауааҧсыра  атәыла ахада ладминистрациашҟа арзаҳал аларҵар рылшоит 2024 шықәса ҧхынәгы 2-нӡа. Акомиссиа акандидатцәа рҟны аиҿцәажәарақәа мҩаҧнагоит ҧхынгәы  3-10 рзы. Аиҿцәажәарақәа аргама имҩаҧгахоит. Атәыла ахада Аиустициа иреиҳаӡоу ахеилак алахәыла далылхуеит   2024 шықәса ҧхынгәы 15 иахымгакәа.