Аиустициа аминистр Анри Оханашвили Жәлар рыхьчаҩ Леван Иоселиани диҧылеит
Аиустициа аминистр Анри Оханашвили Жәлар рыхьчаҩ Леван Иоселиани диҧылеит.
Аминистрра апресс-маҵзура адыррақәа рыла, аиҧылараҿы аиустициа аминистри Жәлар рыхьчаҩи акыршықәса рыҩныҵҟа қәҿиарала аусеицура иазгәаҭаны, наҟ-наҟ Аиустициа аминистрреи Аомбудсмен иаппарати рыбжьара аусеицура иаҳа арҭбаара ишазыхиоу рҳәеит.
«Аиҧылараҿы Леван Иоселиани апенитенциартә системаҿы имҩаҧысуа ареформақәа дырзааҭгылеит.
Аганқәа рхаҭарнакцәа ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчара ахырхарҭала аусеицура арҕәҕәаразы еиқәшаҳаҭхеит, ари ахырхарҭа Аиустициа аминистрра аусураҿы аҧыжәара змоу ахырхарҭақәа иреиуп», — иануп Аиустициа аминистрра аинформациаҿы.