Аиҿкааразы агентра  - Агхақәак аарҧшын, убри анеҩс, Иашвили ихьӡ зху аклиника анапхгара зыҧшра ҟамҵакәа агхақәа дыриашарц рыӡбеит
Аиҿкааразы агентра  - Агхақәак аарҧшын, убри анеҩс, Иашвили ихьӡ зху аклиника анапхгара зыҧшра ҟамҵакәа агхақәа дыриашарц рыӡбеит

Агәабзиарахьчара аминистрра иаҵанакәа Амедицинатәи афармацевтикатәи аиҿкааразы агентра   ахаҭарнакцәа Иашвили ихьӡ зху ахәыҷтәы хәышәтәырҭа хадаҿы  аинфекциатә хылаҧшра асистема гәарҭеит.

Агентра адиректор Лиана Ҷумбуриӡе ишылҳәаз ала, агхақәак аарҧшын, убри анеҩс, Иашвили ихьӡ зху аклиника анапхгара зыҧшра ҟамҵакәа агхақәа дыриашарц рыӡбеит.

«Уажәазы амедицинатә маҵзура аамҭала иаанкылоуп, аусура нарыгӡоит амбулатортә-диагностикатә центри аонкогематологиа ахырхарҭеи мацара. Ҳара Иашвили ихьӡ зху аклиника анапхгара рҟны аимадара ҕәҕәа ҳамоуп, излауа ала ҳрыцхраауеит.

Ҳара ҳхықәкы хада  – атәылауаа зегьы зхаҭабзиара ҳараку амедицинатә маҵзурала реиқәыршәароуп.   2025 шықәсазы ҳазлаго ареформагьы уи иазкуп, атәылауаа зегьы зыҩаӡара ҳараку астандартқәа рыла амедицинатә маҵзурала реиқәыршәара амзызла,  ахәышәтәырҭақәа зегьы  хымҧада жәларбжьаратәи акредитациа роуроуп,   », — илҳәеит агентра адиректор Лиана Ҷумбуриӡе.

Иашвили ихьӡ зху Қарҭтәи ахәыҷтәы клиника хада астационарахь апациентцәа рыдкылара аамҭала иаҟәыҵит. Ахәышәтәырҭаҿы ишырҳәаз ала, ари аӡбара зымҽхак дуу арҽеиратә усурақәа рымҩаҧгара иадҳәалоуп.