Аинвесторцәа рхеилак аилатәараҿы аекономикатә аҿиара азҵаарақәеи, иара убас,   аинвесторцәеи абизнесхаҭарнакцәеи рзы актуалтә ҵакы змоу атемақәеи ирылацәажәеит 
Аинвесторцәа рхеилак аилатәараҿы аекономикатә аҿиара азҵаарақәеи, иара убас,   аинвесторцәеи абизнесхаҭарнакцәеи рзы актуалтә ҵакы змоу атемақәеи ирылацәажәеит 

 

Қырҭтәыла аекономикатәи афинанстәи секторқәа рҿиареи, Абжьаратә корридор аҵаки, акоммерциатә арбитраж арҕәҕәареи, ахҧатәи ахаҿы иҭакҧхықәра аҧгаҧсеи иалацәажәеит иахьа имҩаҧгаз Аинвесторцәа рхеилак 22-тәи аилатәараҿы.

Ахеилак аилатәара ааиртит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе. Аиҳабыра рнапхгаҩы атәыла аекономикатә азҳара дазааҭгылан, ари ахырхарҭала иҟоу атенденциа бзиақәа дрылацәажәеит. Аҧыза-министр иаҵшьны иазгәеиҭеит атәыла аекономикатә арҕәҕәара апроцессаҿ аинвесторцәеи абизнеси рҵакы, иара ишиҳәаз ала, абри аус аҿы дара иҟарҵо ацхыраара атәыла аиҳабыра рзы иаҵанакәа рацәоуп.

Аинвесторцәа рхеилак иалахәы абизнесассоциациақәеи жәларбжьаратәи афинанстә аиҿкаарақәеи рхаҭарнакцәа абизнес азы актуалтә ҵакы змоу азҵаарақәа ирылацәажәеит. Иара убас, Евроеидгылашҟа Қырҭтәыла аинтеграциеи уи иадҳәалоу ареформақәеи ирзааҭгылеит.

Ахеилак алахәылацәа рҿаҧхьа иқәгылеит Қырҭтәыла иҟоу Иеиду аҳра ацҳаражәҳәаҩ  Марк Клеитони  Кавказаҿ Аиҭашьақәыргылареи Аҿиареи азы Европатәи Абанк (EBRD) арегионалтә директор Алкис Врениос Дракиноси.