Аинформациатә технологиақәа аусхкы ахаҭарнакцәа апротесттә акциа мҩаҧыргоит
Аинформациатә технологиақәа аусхкы ахаҭарнакцәа апротесттә акциа мҩаҧыргоит

 

Аинформациатә технологиақәа аусхкы ахаҭарнакцәа Қарҭ апротесттә акциа мҩаҧыргоит.

Акциа алахәылацәа Ахақәиҭра ашҭашҟа идәықәлан, анеҩс, апарламент аҧхьа иаангылеит.

Амарш алахәылацәа абҵара 28  рзы  «Ақырҭуа гәахәтәы» ирыдыркылаз аӡбара иадҳәаланы апротест ҟарҵоит,  иара убас, алхрақәа реиҭамҩаҧгареи акциақәа раан иаанкылоу ауаа роужьҭреи иаҳәоит.