Аимадарақәа рзы НАТО аофис анапхгаҩы  – Қырҭтәыла, НАТО алалара апроцесс аҿы ақәҿиара аиуреи иаҳа еиҕьны ахыхьчареи азы  ауникалтә хархәагақәа амоуп
Аимадарақәа рзы НАТО аофис анапхгаҩы  – Қырҭтәыла, НАТО алалара апроцесс аҿы ақәҿиара аиуреи иаҳа еиҕьны ахыхьчареи азы  ауникалтә хархәагақәа амоуп

«Қырҭтәыла  — акыр иаҧсоу партниоруп, ирҭбаау алшарақәа амоуп, аклуб иалахәып, убри аҟынтә, НАТО аҟны апрактикатә усеицуразы алшара ду амоуп», — иҳәеит аимадарақәа рзы НАТО аофис анапхгаҩы Алеқсандр Винников.

Винников иҳәамҭала,  Қырҭтәыла, НАТО алалара апроцесс аҿы ақәҿиара аиуреи иаҳа еиҕьны ахыхьчареи азы  ауникалтә хархәагақәа амоуп.

«Иара убас,  Қырҭтәыла, крызҵазкәа апакет амоуп – «Крызҵазкәа апакет наӡа», НАТО апартниорцәа рҟынтәи абри аҩыза апакет уаҳа аӡәгьы имам. Ҳара, Қырҭтәыла иҟоу ҳабжьагаҩцәа рыла ари атәыла ҳацхраауеит, дара атәылаҿы иҟоуп Атәылахьчареи Аҩныҵҟатәи аусқәеи рминистррақәеи, Амилаҭтә шәарҭадара ахеилаки, егьырҭ аинститутқәеи реиҭакраҿы атәыла иацхраарц азыҳәан.  Иара убас, уааҵәҟьа, Аимадарақәа рзы НАТО аофис ҳамоуп, уи аполитикатә диалог амҩаҧгареи апрактикатә усеицуреи иацхраауеит. Жәакала иуҳәозар,  Қырҭтәыла, НАТО алалара апроцесс аҿы ақәҿиара аиуреи иаҳа еиҕьны ахыхьчареи азы  ауникалтә хархәагақәа амоуп», — иҳәеит  Винников.