Аилахәыра Ripple аԥхьаӡацтә лари апилоттә проект атехнологиатә партниорс иҟалеит
Аилахәыра Ripple аԥхьаӡацтә лари апилоттә проект атехнологиатә партниорс иҟалеит

Аилахыра Ripple Қырҭтәыла амилаҭтә банк аԥхьаӡацтә лари апилоттә проект атехнологиатә партниорс ҟалеит.

Аӡбара рыдыркылеит Амилаҭтә банк акомиссиаҿ, аконкурс ҩетапк рыла мҩаԥысуан.

Ацифратә проект аетап ҿыц ахь ииасуеит. Қырҭтәыла амилаҭтә банк ацифратә валиутатә (CBDC) асистемазы атехнологиақәа рԥышәара алагоит. Ари атәы аанацҳаит Амилаҭтә банк. Қырҭтәыла амилаҭтә банк 2020 шықәса инаркны ацифратә валиутатә (CBDC) аҟазшьақәеи, асистематә аиҿкаашьеи аџьармыкьаҿ ахархәареи рыҭҵаара иаҿуп, – иануп Амилаҭтә банк аинформациа аҿы.