Аилахәыра «IDS Борџьоми» анапхгара, акциақәа рыхәҭак хәыда-ҧсада Қырҭтәыла аиҳабыра ирырҭоит
«Аилахәыра «IDS Борџьоми» анапхгара, акциақәа рыхәҭак хәыда-ҧсада Қырҭтәыла аиҳабыра ирырҭоит», — иануп аилахәыра иаланарҵәаз аҳәамҭаҿы.
«IDS BORJOMI International иахьа ишаанацҳаз ала, Қырҭтәыла аиҳабыра рҟны аиҿцәажәарақәа мҩаҧганы, акциақәа рыхәҭак атәыла аиҳабыра ирырҭоит. Уи абзоурала, Қырҭтәыла аиҳабыра жәларбжьаратәи аилахәыра анапхгараҭара апроцесс алахәызаара рылшоит.
Арегион аҿы имҩаҧысуа ахҭысқәа рымшала, IDS BORJOMI International аусуреи абанктә маҵзуреи аганахьала апроблемақәа азцәырҵит, убри аҟынтә, аилахәыра аусура аамҭала аанкылан. Зқьҩык раҟара ауааҧсыра усурҭада иаанхар ауеит. Атәыла аиҳабыра аилахәыра анапхгара ражәалагала рыдыркылар, Борџьоми азауадқәа рҿы ааглыхратә процесси аекономикатә усуреи еиҭалагоит», — иануп аҳәамҭаҿы.