Аилахәыра Enka анапхгара Қырҭтәылаҟны Намахвантәи ГЕС аргылара иазку аиқәшаҳаҭра иаҧырхит
Намахвантәи ГЕС аргылара зыхәҭаз аилахәыра Enka Riniubels анапхгара Қырҭтәылаҟны аиқәшаҳаҭра иаҧырхит. Ари атәы иануп аиалахәыра аҳәамҭаҿы.
«2019 шықәса мшаҧы 25 рзы аилахәыра ENKA Renewables, Қырҭтәыла аҳәынҭқарраҟны аиқәшаҳаҭра аднакылеит Намахвантәи ГЕС аргылареи, анапхгара аҭареи, ахархәареи иазкны. Аилахәыра Қырҭтәыла аҳәынҭқарра иазаанацҳауеит аиқәшаҳаҭра аилагареи афорс-мажортә ҭагылазаашьақәеи рымшала аиқәшаҳаҭра аҧыхра иазкны», — иануп аилахәыра адырраҿы.