Аиҳабыра рыҧшьгарала цәыббразы ирыларҳәо аҧышәарахысра апрограммала иазҧхьагәаҭоуп 3 000 еиҳаны авакансиақәа
Аҧыза-министр иҧшьгарала цәыббразы ирыларҳәо аҧышәарахысра апрограммала иазҧхьагәаҭоуп 3 000 еиҳаны авакансиақәа, – иҳәеит Қырҭтәыла аиҳабыра радминистрациа аиҳабы Леван Жоржолиани.
Иара иажәақәа рыла, аҧышәарахысра апрограмма алахәылацәа атеориатә дырреи, иара убас, апрактикатә ҧышәеи раиура алшара рымазаауеит, уи рзанааҭтә аҿиаразы аҵакы ду амоуп.
„Ҳара иҟаҳҵаз аҳәара ашьаҭала, арегионқәа рҿы амуниципалитетқәа авакансиақәа ацырҵеит, аҿар, рхатә регионқәа рҿы, рхатә муниципалитетқәа рҿы аҧышәа аиура рылшарц азыҳәан. Ари апрограмма аҵакы ду амоуп, избанзар, астудентцәеи иреиҳаӡоу аҵара зауз аҿари рзанааҭтә аҿиаразы зҵакы дуу атеориатә дырреи апрактиатә ҧышәеи роур рылшоит“, – иҳәеит Леван Жоржолиани.