Аиҳабыра рыӡбарала, иашьашәалоу авиаеилахәырақәа уажәазы зырхынҳәра рылымшо Қырҭтәыла атәылауаа рзы   ҷыдалатәи ареисқәа мҩаҧгахоит 
Аиҳабыра рыӡбарала, иашьашәалоу авиаеилахәырақәа уажәазы зырхынҳәра рылымшо Қырҭтәыла атәылауаа рзы   ҷыдалатәи ареисқәа мҩаҧгахоит 

Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра адыррақәа рыла, аиҳабыра рыӡбарала, иашьашәалоу авиаеилахәырақәа уажәазы зырхынҳәра рылымшо Қырҭтәыла атәылауаа рзы   ҷыдалатәи ареисқәа мҩаҧгахоит.

«Ааигәатә Мрагылара арегионаҿ аҭагылазаашьа амшала авиареисқәа рахырҧареи атәылақәа рацәа рҳаиртә қәыҧшылара аркреи иазҧхьагәаҭаны, аиҳабыра рыӡбарала, иашьашәалоу авиаеилахәырақәа уажәазы зырхынҳәра рылымшо Қырҭтәыла атәылауаа рзы   ҷыдалатәи ареисқәа мҩаҧгахоит:

  • Маскат (Асултанат Оман) – Қарҭ (Қырҭтәыла) – 03.03.2026 | 19:00 (аҭыҧантәи аамҭа); 05.03.2026 | 19:00 (аҭыҧантәи аамҭа).

  • Ер-Риад (Саудтәи Аравиа) – Қарҭ (Қырҭтәыла) – 04.03.2026 | 19:00 (аҭыҧантәи аамҭа).

Қырҭтәылаҟа аҧырра зҭаху атәылауаа  Қырҭтәыла ацҳаражәҳәарҭақәа ирыдҵаалар рылшоит:

  • Иеиду Арабтәи Аемиратқәа рҿы Қырҭтәыла ацҳаражәҳәарҭа  (Абу-Даби): Ацәаҳәа ҷыда (24/7): +971 54 2324 335; аҭел: +971 2 553 36 83; e-mail: [email protected]

  • Катар иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәарҭа (Доҳа): Ацәаҳәа ҷыда (24/7): +974 52 098 071; аҭел: +974 44 739 499; e-mail: [email protected]

Иара убас, иҳамоу алшара ҳхы иархәаны, Иеиду Арабтәи Аемиратқәеи Катари ҭабуп ҳәа раҳҳәар ҳҭахуп Қырҭтәыла атәылауаа рыцхрааразы», — иануп Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҳәамҭаҿы.