Аиҳабыра радминистрациаҿы Амилаҭтә шәарҭадара ахеилак аилатәара мҩаҧган
Аиҳабыра радминистрациаҿы Амилаҭтә шәарҭадара ахеилак аилатәара мҩаҧган

Аиҳабыра радминистрациаҿы  Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили инапхгарала Амилаҭтә шәарҭадара ахеилак аилатәара мҩаҧган.

Аиҧылараҿы арегионалтәи аглобалтәи шәарҭадара аганахьала иҟоу апроблемақәеи амилаҭтә аҩаӡараҟны аконцептуалатә документқәа рырҿыцра апроцесси  иалацәажәеит.

«Сынтәа,  жәабран азы, амилаҭтә шәарҭадара аконцепциа аҵыхәтәантәи авариант апарламентаҿ ацәыргаразы имазеин, аха, ашәарҭадара аганахьала шьаҭанкыла аҭагылазаашьа аҽаҧсахра  иазҧхьагәаҭаны, адокумент уажәтәи аҭагылазаашьа иашьашәаланы идыриашоит.

Иара убас, аилатәара алахәылацәа акритикатә инфраструктура ахьчара иазку ареформақәа рымҩаҧгара апроцесси аконцептуалтә азинтә база аҧҵареи иазааҭгылеит», — иануп аҳәамҭаҿы.

Аҧыза-министр инапхгарала имҩаҧгаз аиҧылара рхы аладырхәит Амилаҭтә шәарҭадара ахеилак амаӡаныҟәгаҩ, аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Вахтанг Гомелаурии, Ахеилак еснагьтәи алахәылацәеи: атәылахьчара аминистр Џьуаншер Бурҷулаӡеи, афинансқәа рминистр Лаша Хуцишвилии, адәныҟатәи аусқәа рминистр Илиа Дарчиашвилии,  Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура аиҳабы Григол Лилуашвилии, Аҧшыхәратә маҵзура анапхгаҩы Шьалуа Ломиӡеи, Атәылахьчаратә мчқәа рнапхгаҩы Гьаргь Матиашвилии.