Аиҳабыра радминистрациа - Иракли Кобахиӡеи Џьим О'Браиени реиԥылараҿ ихадароу азҵаарақәа гәаартыла рыхцәажәеит, урҭ иреиун шықәсқәак раԥхьа аҭыԥ змаз ахҭысқәагьы
Аиҳабыра радминистрациа - Иракли Кобахиӡеи Џьим О'Браиени реиԥылараҿ ихадароу азҵаарақәа гәаартыла рыхцәажәеит, урҭ иреиун шықәсқәак раԥхьа аҭыԥ змаз ахҭысқәагьы

Акыраамҭа инагӡоз аиҧылараҿы аганқәа рхаҭарнакцәа ақырҭуа-америкатә еизыҟазаашьақәа ирыҵанакәа азҵаарақәа зегьы ирылацәажәеит, аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы Қырҭтәыла имҩаҧысуа апроцессқәагьы уахь инрылаҵаны. Аиҳабыра рнапхгаҩи Америка аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ ицхырааҩи арҭ апроцессқәа ирызкны ргәаанагарақәа еибырҳәеит.

Иракли Кобахиӡе Џьим О’Браиен аилыркаарақәа изыҟаиҵеит „Атәым анырра аартызаара иазку” азакәан адкылара ахымҧадара иазкны. Иара ишиҳәаз ала, анапхгаратә гәыҧ, вето апроцедура аҳәаақәа ирҭагӡаны, жәларбжьаратәи апартниорцәа рзинтә азгәаҭарақәа зегьы хшыҩзышьҭрала рыхәаҧшра иазыхиоуп.

Аҧыза-министр ишиҳәаз ала, Қырҭтәыла анапхгара Америкаҟны апартниорра арҕәҕәара иазҿлымҳауп, уи азыҳәан аҩ-ганк рҽазышәареи ииашоу аизыҟазаашьақәеи аҭахуп.