Аиҳабыра радминистрациа – Аиҳабыра апарламент иадҵаалоит Амилаҭтә шәарҭадара ахеилак аҧыхра иазку азакәанҧҵаратә ажәалагала ала, ахеилак азинмчқәа мҩаҧыргоит аиҳабыра
Аиҳабыра радминистрациа – Аиҳабыра апарламент иадҵаалоит Амилаҭтә шәарҭадара ахеилак аҧыхра иазку азакәанҧҵаратә ажәалагала ала, ахеилак азинмчқәа мҩаҧыргоит аиҳабыра

Аиҳабыра радминистрациа адыррақәа рыла, аиҳабыра апарламент иадҵаалоит Амилаҭтә шәарҭадара ахеилак аҧыхра иазку азакәанҧҵаратә ажәалагала ала.

Администрациаҿы ишырҳәаз ала, Амилаҭтә шәарҭадара ахеилак азинмчқәа иасуеит атәыла аиҳабыра рахь.

„Аҧсахрақәа инрықәыршәаны, Амилаҭтә шәарҭадара ахеилак иаҧыххоит 2025 шықәса цәыббра акы инаркны, ахеилак азинмчқәа, апарламенттә напхгараҭара амодель инақәыршәаны, имҩаҧыргоит Қырҭтәыла аиҳабыра. Апарламент иақәшаҳаҭхар,  „Амилаҭтә шәарҭадара аполитика апланшьҭыхреи акоординациеи аҧҟара иазку“ Қырҭтәыла азакәан иашьашәалоу аҧсахрақәа аларгалоит. Аҧсахрақәа инрықәыршәаны, Амилаҭтә шәарҭадара ахеилак аппарат аҧыхра амзызла еиҿкаахоит аҧыхратә комиссиа, уи аилазаареи, аусура аҧҟарақәеи, азинмчқәеи ҳәаақәырҵоит Қырҭтәыла аиҳабыра. Аҧыхратә комиссиа, Амилаҭтә шәарҭадара ахеилак аппарат инанагӡо аусмҩаҧгатәқәа, урҭ рыбжьара, амилаҭтә аситуациатә ауада аусура аиқәыршәара азинмчы, иашьашәалоу аусбарҭақәа рнапы ианырҵоит“, – ирҳәеит администрациаҿы.