Аиҳабыра радминистрациа - Аԥыза-министр идҵа инақәыршәаны, агуманитартә цхыраара аҳасабла, Украинахь агенераторқәа ҳашьҭуеит
Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвили идҵа инақәыршәаны, агуманитартә цхыраара аҳасабла, Украинахь агенераторқәа рышьҭуеит.
Ари азҵаара хара имгакәа анагӡаразы адҵа аиуит Аекономикеи иҭышәынтәылоу аҿиареи рминистрра.
Аиҳабыра радминистрациа аиҳабы Реваз Џьавелиӡе иҟаиҵаз аҳәамҭала, аибашьра алагара амш инаркны, Қырҭтәыла аиҳабыра ахатә лшарақәа рҳәаақәа ирҭагӡаны, украинатәи рҩызцәа изларылшоз ала ирыцхраауан.
„Ишыжәдыруа ала, аибашьра алагара амш инаркны, Қырҭтәыла аиҳабыра ахатә лшарақәа рҳәаақәа ирҭагӡаны, украинатәи рҩызцәа изларылшоз ала ирыцхраауан. Агуманитартә аидара ашьҭра ала Қырҭтәыла адунеитә тәылақәа рыбжьара актәи аҭыԥ ааннакылоит.Украина адгылара иахьагьы наҳагӡоит. Қырҭтәыла иҟоу 26000-ҩык Украина атәылауаа иашьашәалоу афинанстә цхыраара роуеит. 2345-ҩык ахәҷқәа еиуеиԥшым ашколқәа рҿы аҵара нарыгӡои, урҭ рҟынтә 1565-ҩык аҵара нарыгӡоит украин бызшәала. 900-ҩык иреиҳаны амедицинатә цхыраара рзаарԥшын. Ԥхынҷкәын 1 азы Қырҭтәыла Украина атәылауаа рзаанарԥшыз ацхыраара 32 миллион лари иаҟароуп. Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвили идҵа инақәыршәаны, агуманитартә цхыраара аҳасабла, Украинахь агенераторқәа рышьҭуеит. Ари азҵаара хара имгакәа анагӡаразы адҵа аиуит Аекономикеи иҭышәынтәылоу аҿиареи рминистрра”, – иазгәеиҭеит Џьавелиӡе.