Аиҳабыра, аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили инапхгарала, иахьатәи аилатәараҿы 9 зҵаарак ирыхәаҧшит
Аиҳабыра, аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили инапхгарала, иахьатәи аилатәараҿы 9 зҵаарак ирыхәаҧшит

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили инапхгарала, аиҳабыра радминистрациаҿы аиҳабыра реилатәара мҩаҧган. Аминистрцәа амш аусхәаҧштә ала иазҧхьагәаҭаз  9 зҵаарак ирыхәаҧшит.

Қырҭтәыла арбџьармчқәа рхыхьчаралшара аизырҳареи ақәылӡҭархагат алшараеиҕьтәреи амзызла,  аиҳабыра, атанкҭархагатә иеиҭаҵуа аракетатә системақәа „JAVELIN“ апартиа ҿыц аахәара азҵаара аус адырулоит. Ишдыру ала,  2021шықәсазы Аҳәынҭқарратә департамент, иҵегьы 30 миллион адоллар рыхә  „JAVELIN“ асистемақәа Қырҭтәыла азыҭиразы аӡбара аднакылеит. Атәылахьчара аминистрра, аҳәынҭқарратә ауаажәларратә аҵакы змоу ауснагӡатәқәа ирласны, ҧырхагада рымҩаҧгара амзызла, ҩтәылак реиҳабырақәа ирыбжьарҵаз аиқәшаҳаҭра инақәырәшаны,  атанкҭархагатә иеиҭаҵуа асистема  „JAVELIN“ аанахәоит ирмариоу аҧҟарала. 

Атәылахьчара аминистрра аҧыжәарақәа иазҧхьагәаҭаны, ишырыӡбаз ала,  „JAVELIN“ асистема аахәаразы иаҭаху 26 мимллион  246 нызқь 866 адоллар ршәоит Америка ала Қырҭтәыла иазоушьҭу аҧареи, иара убас, Америкеи Қырҭтәылеи реиҳабырақәа ирыбжьарҵаз аиақәшаҳаҭра инақәыршәаны, Қырҭтәыла аҳәынҭқарратә биуџьет иалырхуа аҧареи ала.