Аиҳабыра Алхратә комиссиа хада ахантәаҩы аелектронтә алхрақәа ирызкны имҩаҧигаз аӡыргара иазыӡырҩит
Аиҳабыра Алхратә комиссиа хада ахантәаҩы аелектронтә алхрақәа ирызкны имҩаҧигаз аӡыргара иазыӡырҩит

Қырҭтәыла аиҳабыра алхратә процессаҿ аелектронтә технологиақәа раларҵәара иазку азакәанҧҵаратә ҿыцрақәеи апроцедурақәеи ирызкны Алхратә комиссиа хада ахантәаҩы имҩаҧигаз аӡыргара иазыӡырҩит.  Аарыцҳаит аиҳабыра радминистрациа апрессмаҵзура аҟынтә. Аусҳәарҭа адыррақәа рыла, алхратә комиссиа хада ахантәаҩы аҧыза-министри аминистрцәеи инарҭбааны ирзеиҭеиҳәеит Алхратә комиссиа хада 2024 шықәсатәи апарламенттә алхрақәа рзы аҽазыҟаҵара ишаҿу, иара убас, иара атехнологиатә ҿыцрақәагьы дырзааҭгылеит.  

Аҧыза-министр ишазгәеиҭаз ала, алхрақәа аелектронтә пҟарала рымҩаҧгареи ари ахырхарҭала ареформақәа рымҩаҧгареи алхрақәа раартызаара иацхраауеит.

Аелектронтә алхрақәа сынтәа Қырҭтәылаҿ раҧхьаӡа акәны имҩаҧысуеит. Убри инамаданв, алхратә админситрациа, Қырҭтәыла зехьынџьара, аҳәынҭқарратәи хазхаҭалатәи аструктурақәа рҿы аинформациа кампаниа мҩаҧыргоит.