Аиҳабыра аҳасабырба - Қырҭтәыла апандемианӡатәи аҳауатә неиааира адинамика қәҿиарала азыхынҳәуеит
Аиҳабыра аҳасабырбаҿ ишану ала, Қырҭтәыла апандемианӡатәи аҳауатә неиааира адинамика қәҿиарала азыхынҳәуеит.
Анагӡаратә напхгара апарамент аднагалаз есышықәсатәи аҳасабырбаҿ ишану ала, 2022 шықәсазтәи адыррақәа рыла, аԥыррақәа 88% рыла еиҭашьақәгылан, апассаџьырцәа рхыԥҳьаӡара еиҭашьақәгылан 85% рыла.
„Сынтәа, актәи хымз рыла инагӡаз ареисқәа ҳрыхәаԥшыр, авиареисқәа еиҭашьақәгылан 116% рыла, апассаџьырцәа рхыԥхьаӡара – 103% рыла. Аиҳабыреи иашьашәалоу аусҳәарҭақәеи русзура иабзоураны, 2022 шықәсазы Қырҭтәыла ахырхарҭала аԥыррақәа иалагеит авиаеилахәырақәа: Кондор (Condor), Фраиуан Армениа (FLYONE Armenia), Вареш еарлаинз (Varesh Airlines), Флаиедил (Flyadeal), Армениа еарвеис (Armenia Airways),Парс еар (Pars Air), Сауҭвинд еарлаинз (Southwind Airlines), еар Молдова (Air Moldova), Ҭаи еар Еижа Икс (Thai Air Asia X) Флаиарна (FlyArna). 2023 шықәсазы Қырҭтәыла аџьармыкьаҿ ицәырҵит Санеқспресс (Sunexpress)”,- иануп адокумент аҿы.
Қырҭтәыла жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәазақәа рҿы мчыбжьык ахь 350 авиареиск нагӡоит.