Аиҳабыра аекономикатә аҿиара кыраамҭатәи аплан аус адулара иалагоит
Ампыҵахалара ашьҭахь ҳуааҧсыра рзы зегьы реиҳа идуу проблемоуп аекономикеи, аусурҭадареи, аҕарреи. Ҳара ари ахырхарҭала аусура ҳарҕәҕароуп. Ҵакык змам аполиткиатә аиҿагылара акәымкәа, абарҭ апроблемақәа рыӡбар ауп ҳзызхәыцша, — иҳәеит Қырҭтәыла Аҧыза-министр Иракли Ҕарибавшили аиҳабыра иахьатәи реилатәараҿы.
«Хара имгакәа кыраамҭатәи аекономикатә аҿиара аплан еиқәыршәаны ицәыраагароуп. Аиҳабыра иахьатәи реилатәараҿы ари азҵааразы аус зуша аҳәынҭқарратә комиссиа еиқәҳаршәоит, лаҵарамзанӡа аплан еиқәдыршәароуп. Акомиссиа иалахәызаауеит ари азҵаара иазҿлымҳау ауааҧсыра зегьы, хазхаҭалатәи асекторгьы аекспертцәагьы уахь инрылаҵаны», — иҳәеит Иракли Ҕарибашвили.