Аиашахаҵаҩцәа иахьа Аҽеиҭакра амшныҳәа иазгәарҭоит
Аиашахаҵаҩцәа иахьа Аҽеиҭакра амшныҳәа иазгәарҭоит

Нанҳәа 19 рзы Аиашахаҵаратә уахәама иаԥылоит Анцәа Иҽеиҭакра аныҳәа.

Анцәа Иҽеиҭакра аныҳәа идуӡӡоу 12 ныҳәақәа иреиуоуп.

Ажәытә жәабжь ишаҳәо ала, Иаса Қьырса изааигәаӡаз хҩык иҵаҩцәа Пиотри, Иакови, Иоанни Галилеиаҟа амҩа ишаныз, уи ицны ашьхахь ихалеит аматанеира еицымҩаԥыргарц. Уа аҵаҩцәа ирбеит Иаса Қьырса Иҽеиҭакра – иара анцәахәы ихаҿсахьа иманы, маҭәа лашала, дкаԥха-каҷҷо ацҳаражәҳәаҩцәа рҿаԥхьа дцәырҵит.

Анцәа Иҽеиҭакра Нанҳәатәи ачгара ахьынӡацо иаԥылоит. Аныҳәа аӡаҭыраз анцәахаҵаҩцәа азин рымоуп аԥсыӡ рфар. Анцәа Иҽеиҭакра амш азы ашәыри ауҭраҭыхи рыԥшьоит.