Аиашахаҵаратә уахама Нанҳәа (Мариамоба) аныҳәамш азгәанаҭоит  
Аиашахаҵаратә уахама Нанҳәа (Мариамоба) аныҳәамш азгәанаҭоит  

Нанҳәамза 28 рзы ақырҭуа аиашахаҵаратә уахәама Анцәадзыхшаз лылацәеиқәыҧсара амш иазгәанаҭоит. Ари амш инамаданы, аныхабаақәа зегьы рҿы аныҳәатә литургиа мҩаҧысуеит.

Сиони акафедралтә ныхабааҿ аныҳәатә литургиа иалагеит асааҭ 10:00 рзы,  ишиашо ицо атранслиациа жәбар шәылшоит Қырҭтәыла Актәи аканалаҿ.

Ауахәаматә аҵарақәа изларҳәо ала, Иаса Қьырса Иан лыԥсы цқьа ажәҩанахь ишьҭихит. Зегь реиҳа иԥшьоу Анцәа Иан лыԥсҭазаара аҵыхәтәантәи ашықәсқәа Сионтәи ашьхаҿы илхылгеит, убри аҟынтә,   Анцәа Иан Ажәҩан ахь лышьҭыхра ахьӡала иҟоу аныҳәарҭақәа зегьы  Сиони ҳәа ирышьҭоуп.

Қырҭтәыла Сиони захьӡу аныҳәарҭақәа рацәоуп. Нанҳәа 28 рзы арҭ аныҳәарҭақәа зегьы рҿы аныҳәа ду иазгәарҭоит.