Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура – Импыҵахалоу Цхинвали де-факто аӡбарҭа ақәҵара инақәыршәаны, Геннади Бестаев хышықәса аҭакра иқәырҵеит
Урысттәыла ампыҵахаларатә мчқәа рхаҭарнакцәа 2019 шықәса абҵара 21 рзы иааныркылаз Геннади Бестаев импыҵахалоу Цхинвали де-факто аӡбарҭа ақәҵара инақәыршәаны, хышықәса аҭакра иқәырҵеит, – ари атәы аарыцҳаит Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура аҟынтә.
«Изакәаным аанкыларақәа Урыстәылатәи ампыҵахалара иахылҵуеит, уи хықәкыс амоуп ацентртә напхгараҭара ақәыӷәӷәареи ауааԥсыра рыршәареи.
Ампыҵахаларатә мчқәа имҩаԥырго изакәаным аанкыларақәа ирызку рызҵаара иқәдыргылоит хәажәкыра 5 рзы имҩаԥысран иҟоу IPRM аиԥылареи аиыԥылареи Женеватәи жәларбжьаратәи адискуссиақәа аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысу иашьҭанеиуа аиԥылареи раан», – иануп Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура аинформациа аҿы.