Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура - Атәым тәылақәа рфинансркрала, гәыԥқәак апарламент ааигәара еиуеиԥшым апровокациақәа рымҩаԥгара рҽазыркит, ари ацәгьоуратә план иалахәуп Украина еибашьо гәыԥҩык ақырҭуаагьы
“Аҳәынҭқарра ашәарҭадареи ауааԥсыра ҭынч реицынхареи рзы, ауааԥсыра рырдырра ҳҭахуп – иҳауз аинформациа инақәыршәаны, атәым тәылақәа рфинансркрала гәыԥқәак апарламент ааигәара еиуеиԥшым апровокациақәа рымҩаԥгара рҽазыркит, урҭ хықәкс ирымоуп амчыларатә сценариқәа рынагӡара, апарламент аԥхьа имҩаԥысуа акциақәа раана провокациақәа реиҿкаара”, — иануп Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура аҳәамҭаҿы.
Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура аҳәамҭаҿ ишану ала, арҭ ацәгьоуратә планқәа ирылахәуп аҳәаанырцә иҟоу Қырҭтәыла атәылауаа, ҷыдала Украина иқәԥо гәыԥҩык ақырҭуаа.
Аҳәамҭаҿ ишазгәаҭоу ала, апротест аиҿкааҩцәа рагрессиа цәҟьарас ирымоуп азакәанхьчаратә органқәа рхаҭарнакцәа.