Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура анапхгаҩы импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рҿы иҟоу аҭагылазаашьа ахәшьара аиҭеит
Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура анапхгаҩы импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рҿы иҟоу аҭагылазаашьа ахәшьара аиҭеит

Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура анапхгаҩы Гьаргь Лилуашвили апарламент аҿы есышықәсатәи аҳасабырба ацәыргараан иҟаиҵаз аҳәамҭала, Қырҭтәыла аҿаԥхьа игылоу ааԥхьарақәа рыбжьара зегь реиҳа ихадоу урыстәылатәи ампыҵахалара ауп.

«Аамҭала Қырҭтәыла анапхгара иеффекту ахылаԥшра ада иҟоу атерриториақәа рҿы аҭагылазаашьа мԥсахӡеит, Урыстәылатәи афедерациа имҩаԥнагаз ампыҵахалара аҳәаақәа ирҭагӡаны ашьаҭатәи хпунктк ралкаара ҳалшоит, урҭ роуп – Урыстәыла имҩаԥнагаз аннексиа. Аннексиаан импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рҿы ишьақәгылаз ицәгьоу асоциалтә-економикатә ҭагылазаашьа иабзоураны  Урыстәыла де-факто анапхгарақәа иеффекту рконтроль алшара аиуеит.

Аҩбатәи – агибридтә аибашьра аҳәаақәа ирҭагӡаны аиҟәшаратә цәаҳәа ааигәареи импыҵахалоу аҵакырадгылқәеи рҿы аҭыԥ рымоуп изакәаным абордеризациа, изакәаным аанкыларақәа.

Ахԥатәи – урыстәылатәи аган аанарԥшыз атенденциа – аҭакԥхықәра ахацәгаразы аилацәажәарақәа рпроцесс аҿагылара. Ҳара аԥсуааи ауаԥси ҳашьцәа рҟны ишиашоу адиалог мҩаԥаагароуп, арҭ аҵакырадгьылқәа иеффекту рконтроль мҩаԥнаго амч аҭакԥхықәра ахахьы агароуп,» – иҳәеит Лилуашвили.

Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура анапхгаҩы иажәақәа рыла, урыстәылатәи арратә гәыԥқәа арҭ атерриториақәа рҿы 120 рҟынӡа арратә зыҟаҵарақәа мҩаԥыргеит, арҭ изакәаным азыҟаҵарақәа, ҳтәыла мацара акәымкуа, Кавказ зегьы азы ашәарҭа аанарԥшуеит.

Лилуашвили ишазгәеиҭаз ала, Цхинвал даҽа ҭагылазаашьа иубарҭоуп.