Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура - 2023 шықәсазы еиуеиԥшым акампаниақәа хәкыс ирыман антиевропатәи гәалаҟазаарақәа раларҵәара, Қырҭтәыла аимиџь адискредитациа
Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура - 2023 шықәсазы еиуеиԥшым акампаниақәа хәкыс ирыман антиевропатәи гәалаҟазаарақәа раларҵәара, Қырҭтәыла аимиџь адискредитациа

Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура аҳасабырба инақәыршәаны, 2023 шықәсазы Қырҭтәыла иаҿагыланы агибридтә шәарҭақәа рхыԥхьаӡара иазҳан.

Аҳасабырба аҿы ишану ала, Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура атәыла амилаҭтә интересқәа ирԥырхаго еиуеиԥшым адеструктивтә елементқәа русзурақәеи, маӡалатәи аперациақәеи аинформациатә аибашьра ахархәагақәеи ирҿагылоит .

«2023 шықәсазы, аинформациатә аибашьра аҳәаақәа ирҭагӡаны, еиуеиԥшым акампаниақәа хәкыс ирыман антиевропатәи гәалаҟазаарақәа раларҵәара, Қырҭтәыла евроинтеграциа аҿагылара, адгылаҩцәеи апартниорцәеи рҟны иҟоу еизыҟазаашьақәа рԥырхагахара, Қырҭтәыла аимиџь адискредитациа, адемократиатә мраҭашәраатәи ахәынаӡарақәа рыҿагылара, ауаажәларраҿ аполиаризациа аҩаӡара арҳаракра», — иануп аҳасабырба аҿы.