Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура – Урыстәылатәи ампыҵахалатә мчқәа закәандарала иааныркылаз Қырҭтәыла атәылауаа Ҳаџьарат Ахвледиании Гьаргь Ромелашвилии рхы иақәиҭуп
Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура – Урыстәылатәи ампыҵахалатә мчқәа закәандарала иааныркылаз Қырҭтәыла атәылауаа Ҳаџьарат Ахвледиании Гьаргь Ромелашвилии рхы иақәиҭуп

Урыстәылатәи ампыҵахалатә мчқәа закәандарала иааныркылаз Қырҭтәыла атәылауаа Ҳаџьарат Ахвледиании Гьаргь Ромелашвилии рхы иақәиҭуп, уажәы урҭ ацентртә напхгара изхылаҧшуа аҵакырадгьылаҿ иҟоуп. Ари аинформациа аланарҵәеит Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура.

Ҳаџьарат Ахвледиании Гьаргь Ромелашвилии рхақәиҭтәра апроцессаҿ активла ахархәара рыман Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла Амониторингтә миссиа  (EUMM) аҽалархәрала аус зуа  „Ацәаҳәа ҷыда“ амеханизми, иара убас, ацентртә напхгара рнапаҿы иҟоу ахархәагақәеи. Қырҭтәыла анапхгара жәларбжьаратәи партниорцәа еиҧҟьарада аинформациа рырҭон.

«Закәандарала Қырҭтәыла атәылауаа раанкылара иазку аинформациа, зыҧшра ҟамҵакәа ишьҭын Женеватәи жәларбжьаратәи адискуссиақәа (GID) реицхантәаҩцәеи жәларбжьаратәи апартниорцәеи, Аинцидентқәа рпреценциеи рықәҿыҭреи амеханизми (IPRM) рахь.

Қырҭтәыла импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рҿы имҩаҧысуа адеструктивтә процессқәа зегьы рзы аҭакԥхықәра рыдупрыҧхықәуп ампыҵахалатә мчқәа», — иануп Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура аинформациаҿы.