Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура – Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра ахаангьы камит аанамхәацт, 2024 шықәса ҧхынҷкәын  4-5 рзы акциазы ахархәара змаз амаҭәашьарқәа рҟынтә акызаҵәыкгьы иақәиҭыму акатегориа иаҵанакуам
Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура – Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра ахаангьы камит аанамхәацт, 2024 шықәса ҧхынҷкәын  4-5 рзы акциазы ахархәара змаз амаҭәашьарқәа рҟынтә акызаҵәыкгьы иақәиҭыму акатегориа иаҵанакуам

Аусеилыргараан ишышьақәыргылаз ала, 2024 шықәса ҧхынҷкәын 4-5 рзы акциаҿы ахархәара аман амаҭәашьар „Хлоробензилидин малононитрил“, аӡҩыгаҵас ахархәара аман амаҭәашьар „Пропилен гликол“. Арҭ амаҭәашьарқәа рҟынтә акызаҵәыкгьы иақәиҭыму акатегориа иаҵанакуам, – Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура анапхгаҩы ихаҭыҧуаҩ Лаша Маҕраӡе ари аҳәамҭа ҟаиҵеит иахьа имҩаҧгаз абрифинг аҿы.

Иара иажәақәа рыла, Қырҭтәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра ахаангьы  „Камит“ аанамхәацт.

Лаша Маҕраӡе иҳәамҭала, аусеилыргараан 93ҩык ашаҳаҭцәа рҿахәы рҿырхит, урҭ иреиуп Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра ҧасатәии уажәтәии аусзуҩцәеи, аҳақьымцәеи,  аекспертцәеи, британиатәи адырраҭара асиужет ареспондентцәеи, иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа рхаҭарнакцәеи, егьырҭ ауааҧсыреи. Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрреи Ахашәалатә маҵзура ахазалхратә департаменти рдокументқәа гәаҭоуп.

„Аусеилыргараан ишышьақәыргылаз ала, Қырҭтәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра иаанахәаз, акыршықәса ирылагӡаны акциақәа раан, аҭаххара инақәыршәаны, рхы иадырхәоз амаҭәашьар – „Хлоробензилидин малононитрил“ ауп. Аӡҩыгаҵас ахархәара аман амаҭәашьар „Пропилен гликол“.

2024 шықәса ҧхынҷкәын  4-5 рзы акциазы абарҭ амаҭәашьарқәа ахархәара рыман, урҭ  рҟынтә акызаҵәыкгьы иқәиҭыму акатегориа иаҵанакуам “, – ирҳәеит Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзураҿы.