Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура – Ампыҵахалатә мчқәа рхаҭарнакцәа ақыҭа Отобаиа инхо ҩыџьа Қырҭтәыла атәылауаа закәандарала иааныркылеит
Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура – Ампыҵахалатә мчқәа рхаҭарнакцәа ақыҭа Отобаиа инхо ҩыџьа Қырҭтәыла атәылауаа закәандарала иааныркылеит

Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура аинформациала, ампыҵахалатә мчқәа рхаҭарнакцәа Гал араион, ақыҭа Отобаиа иқәынхо Қырҭтәыла ҩыџьа атәылауаа закәандарала иаааныркылеит.

Аусҳәарҭа адыррала, зыӡбахә ҳәоу аинформациа анроуҵәҟьа, аусура алагеит Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура «ацәаҳәа ҷыда», уи аусура еиқәнаршәоит Евроеидгыла Анаҧшцәа Рмиссиа.

«Ампыҵахаларатә мчра рхаҭарнакца EUMM  ацәаҳәа ҷыдала шьақәдырӷәӷәеит Қырҭтәыла атәылауаа раанкылара афакт. Урҭт рдыррақәа рыла, ашьаус хацыркуп «изакәаным амиграциа аиҿкаара» ахарадҵарала. Иаанкылоу атәылауаа ҩымзтәи заанаҵтәи аҭакра  рықәҵан, уажәы урҭ Аԥсны  Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура аԥхьакырҭаҿ иҭакуп.

Закәандарала ауаа раанкылара иазку аинформациа, зыҧшра ҟамҵакәа идәықәҵан Женеватәи жәларбжьаратәи адискуссиақәа реицхантәаҩцәеи жәларбжьаратәи апартниорцәеи  рахь. Закәандарала иаанкылоу Қырҭтәыла атәылауаа ирласӡаны рхақәиҭтәразы ахархәара рымоуп уажәазы иҟоу амеханизмқәа зегьы.

Қырҭтәыла импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рҿы имҩаҧысуа адеструктивтә процессқәа зегьы рзы аҭакԥхықәра рыдупрыҧхықәуп ампыҵахалатә мчқәа», — иануп Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура аинформациаҿы.