Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура аинформациала, аурыс ампыҵахалатә мчқәа рыла импыҵахалоу ақыҭа Аӡви иазааигәаны закәандарала иаанкылаз Қырҭтәыла атәылауаҩ Теимураз Хомасуриӡе ихы дақәиҭуп
Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура аинформациала, аурыс ампыҵахалатә мчқәа рыла импыҵахалоу ақыҭа Аӡви иазааигәаны закәандарала иаанкылаз Қырҭтәыла атәылауаҩ Теимураз Хомасуриӡе ихы дақәиҭуп

Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура аинформациала, аурыс ампыҵахалатә мчқәа рыла импыҵахалоу ақыҭа Аӡви иазааигәаны закәандарала иаанкылаз Қырҭтәыла атәылауаҩ Теимураз Хомасуриӡе ихы дақәиҭуп. Уажәы иара ацентртә напхгара изхылаҧшуа аҵакырадгьылаҿ дыҟоуп.

Аусҳәарҭа адыррала, Теимураз Хомасуриӡе  закәандарала иаанкылара иазкны аинформациа анроуҵәҟьа, аусура алагеит Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура «ацәаҳәа ҷыда», уи аусура еиқәнаршәоит Евроеидгыла Анаҧшцәа Рмиссиа.

«Закәандарала ауаа раанкылара иазку аинформациа, зыҧшра ҟамҵакәа идәықәҵан Женеватәи жәларбжьаратәи адискуссиақәа реицхантәаҩцәеи жәларбжьаратәи апартниорцәеи  рахь. Закәандарала иаанкылоу Қырҭтәыла атәылауаа ирласӡаны рхақәиҭтәразы ахархәара рымоуп уажәазы иҟоу амеханизмқәа зегьы.

Қырҭтәыла импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рҿы имҩаҧысуа адеструктивтә процессқәа зегьы рзы аҭакԥхықәра рыдупрыҧхықәуп ампыҵахалатә мчқәа», — иануп Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура аинформациаҿы.