Аҳәынҭқарратә департамент ахаҭарнак - Ҳара еиуеиԥшым хархәагақәа рыла адунеи аҿы ауаҩытәыҩса изинқәа реилагаразы аҭак зыԥхықәу ахаҿқәа рхьырхәра ҳалшоит
Аҳәынҭқарратә департамент ахаҭарнак - Ҳара еиуеиԥшым хархәагақәа рыла адунеи аҿы ауаҩытәыҩса изинқәа реилагаразы аҭак зыԥхықәу ахаҿқәа рхьырхәра ҳалшоит

ЕАШ Аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ ипресспикер иҟаиҵаз аҳәамҭала, Қырҭтәыла аполитикатә актиорцәа зегьы амчылара иаҿагылароуп, ԥхынгәы 5-6 рзы аҭыԥ змаз афактқәазы аусԥшаара мҩаԥгатәуп, ацәгьауцәа азакәан инақәыршәаны ақәнага ирықәыршәатәуп.

“Раԥхьаӡа иргыланы Леқсо Лашқарава иҭаацәара алахәылацәеи иколлегацәеи ҳрыдашшылоит. Иԥсра иазку адыррақәа ахшыҩзышьҭра ду аҭаны ҳрыцклаԥшуеит…Ажурналистцәа зегьы ршәарҭадареи Қырҭтәыла адемократиа азхаҵареи рзы ԥхынгәы 5-6 рзы аҭыԥ змаз афактқәазы аусԥшаара мҩаԥгатәуп, ацәгьауцәа азакәан инақәыршәаны ақәнага ирықәыршәатәуп.

Ҳара Қырҭтәыла алидерцәеи азакәанхьчаратә еиҿкаарақәеи рахь ааԥхьара ҟаҳҵоит аконституциала иазыԥхьагәаҭоу азинқәа рыхьчарц,” – иҳәеит Нед Праис.

Иажәақәа рыла, еиуеиԥшым хархәагақәа рыла адунеи аҿы ауаҩытәыҩса изинқәа реилагаразы аҭак зыԥхықәу ахаҿқәа рхьырхәра рылшоит, арҭ ахархәагақәа иреиуоуп асанкциақәа.